img
20 декабря 2021, 16:52
Гәдоуҭа араион Жәлар Реизара ахантәаҩы 70 шықәса аихыҵразы адныҳәалара!

Ҳаҭыр зқәу Валери Уасик-иҧа!
Гәдоуҭа араион Ахадеи Ахадареи аусуҩцәеи рыхьӡалаишәыдаҳныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра! Ишәзеиӷьаҳшьоит зегь ирыцку агәабзиареи, агәамчи, аҧсуа иқәранҵыра дуи! Шәара инеиҧынкыланы акыр шықәса аҧсуа жәлари ҳаҧсадгьыли рымаҵ қәҿиара дула ирзыжәухьеит, ирзыжәуеит иахьагьы. Шәџьабаақәа бзабааны шәҭаацәеи шәареи ишәҧылааит. Шәусқәа рҿы еиҳау аихьӡара дуқәа шәзацзааит!Аҧсны жәлар шәрыгымзааит!

Ҳаҭырла, Гәдоуҭа араион ахада Боџьгәуа Б. Ф.