img
6 июля 2021, 22:12

Ҧхынгәы фба рзы Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгуа имҩаҧигеит аоперативтә штаб аилатәара, иара убас ақыҭа ахадацәа злахәыз аиҧылара. Иалацәажәеит амшцәгьа иахҟьаны иҟалаз аҧхасҭа. Аилатәара ашҭахь Баграт Боџьгуа даҭааит Блабырхәа, ашьҭахь Агараки ақыҭақәа рҿы иҟалаз абылрақәа хаҭала аҭҵааразы.