img
13 января 2022, 21:49
АГАЗЕҬ "БЗЫҦ" АРЕДАКТОР ХАДА 70 ШЫҚӘСА ИХЫҴРАЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ГӘДОУҬА АРАИОН АДМИНИСТРАЦИА АҞНЫ

" Ҳаҭыр зқәу Лавренти Шьақьыр-иҧа!

Гәдоуҭа араион Ахадеи Ахадара аусуҩцәеи рыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра!
Гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи, агәамчи, аҧсуа иқәранҵыреи! Шәара аҧсуа доуҳатә культура арбеиаразы, аихаҳаразы ишәылшахьоу шьардоуп.
Ишәыцзааит еснагь алахҿыхреи, агәалаҟазаара бзиеи!Шәусқәа рҿы еиҳау аихьӡарақуа! Аҧсны жәлар шәрыгымзааит!

Ҳаҭырла, Гәдоуҭа араион ахада Б. Ф. Боџьгәуа"